09/10/2025
Жәандәрыԥшь – Владислав Арӡынба ибаҟа аартра...
Сынтәа, 2025 шықәсазы, «Владислав Арӡынба ишықәс ауп!» ҳәа, Аҧсны зехьынџьара иҳаларҳәеит. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ус еиҧш иҟаз Аусҧҟа инапы аҵаиҩит!..
Маи 14 аҽны, Владислав иҧсы ҭазҭгьы – 80 шықәса ихыҵуазаарын! Аҧсуа ишықәсрацәа анҵыра иадыукылозар, уи ашықәс акры ыҟахыума: «аҧсуа – иҭәымҭа данҭагылоу!» - аамҭоуп...
Араҟа, иалкаатәу, ари амшныҳәа ҳажәлар ишрыдыркылаз ауп! «Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟа уалс иҳаднаҵоит, инагӡатәуп!» ҳәа, уалшәагас акәымкәан, агәаҵантә иаауо аҧхарра, агәыблара дуӡӡа рыҵаҵаны, Аҧснаа зехьынџьара ари аус ҧшьа - ишахаҵгылаз ауп!.. Ҧшра ҟамҵакәан, Владислав Арӡынба 80 шықәса ихыҵра иазкны, игәалашәара иадҳәалоу аиҧыларақәа, аиқәшәарақәа, акультуратә хҭысқәа, акьыҧхьтә статиақәа, изкыу ашәҟәы ҷыдақәа рҭыжьра уҳәа, Аҧсны ахышәара-ҵышәара иқәынхо ҳауаажәлар зегьы, гәык-ҧсыкала имҩыҧырго, ихацдыркуа рҿынархеит…
Ас еиҧш гәыҳалалла Аҧсны ҳажәлар рхымҩаҧгашьа ҵаҵҕәыс ирымоугьы ҳәатәуп араҟа! Урҭ уасхырс ирымоу - Владислав Арӡынба изы ргәаҵантә иаауо, изыркыз, иахьагьы изырҳәо иҧшьоу ражәақәа роуп! Иара изы гәрагара ҕәҕәала ирымоу, изырчаҧаз ргәаанагарақәа роуп!.. Цқьа шәазхәыц, рҵакы зеиҧшроу, абраҟа искьыҧхьо, ҳаҧсуа жәлар рҧа хазына, рҵеи лаша изыркыз ражәа лыҧшаахқәа…
https://gazeta-apsny.info/h-is/s-i/item/2550-z-nd-ri-shi-vl-disl-v-r-inb-ib-r-r